Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Лира амш лыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-Иԥҳа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш!
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа ахеилак Шәара шәнапхгарала азакәанԥҵара аиӷьтәреи атәыла асоциал-економикатә уснагӡатәқәа рыӡбареи рҿы алагала ду ҟанаҵоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҳаҭыр ду ақәырҵоит жәаҳәарада Урыстәыла алахьынҵазы ишәымоу аполитикатә авторитет, гәыкала аус шәазнеишьа, иныҟәыжәго аҭакԥхықәра ду. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызаратәи аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рыҿиара хаҭала шәалахәра.
Аҳәынҭқарратә усзуҩы иҟазшьақәа, шәгәамч, аҳәса ргәыкра, шәара ишәылоу гәык-ԥсыкала ауаа реиҷаҳара, амчхара аполитикцәа аӡәырҩы рзы иҿырԥшыгоуп.
Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра, шәусураҿы ақәҿиара ҿыцқәа".
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
07.04.2026
Поделиться в соцсетях: