НОВОСТИ

Апарламент адепутатцәа хәажәкырамзатәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит
15.03.2024
Поделиться в соцсетях:

Апарламент адепутатцәа хәажәкырамзатәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳаби адепутатцәеи хәажәкырамзатәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аиҳабыра алахәцәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.