Аилазаареи ашьақәгылашьеи

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь ддепутатхарц илшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи “Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәани инарықәыршәаны, Аҧсны жәлар рхаҭарнак, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи “Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат истатус азы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәани иазҧхьагәарҭо азакәанҧҵаратәи даҽа зинмчрақәаки рынагӡаразы азинмчы змоу.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара инақәыршәаны инангӡоит абарҭ азинмчқәа:

1) иаднакылоит Аконституциеи Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи;

2) иаднакылоит административтә-дгьылҵакыратә ҧсахрақәа рзы азыӡбақәа;

3) иазыӡырҩуеит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи, нас урҭ рымҩаҧгареи ирызку Аҧсны Ахада инашьҭымҭақәа;

4) иахәаҧшуеит егьышьақәнарҕәҕәоит аҳәынҭқарра абиуџьет, уи анагӡарагьы хылаҧшра азнауеит;

5) иаднакылоит ашьауҕатә, ашьауҕатә-усеилыргаратә, амҩақәҵаратә-џьатә, атәылауаҩратә, атәылауаҩратә-усеилыргаратә, аиныршәаратә уҳәа азакәанҧҵарақәа, аӡбареиҿкаареи апрокуратуреи рызҵаарақә рзы азакәанқәаа;

6) имҩаҧнагоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанқәеи реилыркаара; 7)ишьақәнаргылоит Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә, арратә хьӡалкаақәеи;

8) ишьақәнарҕәҕәоит, ишыҧнарго рыланаҳәоит Аҧсны аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;

9) иалнахуеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳаби уи ихаҭыҧуааи;

10) амаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит Аҧсны Ахада иқәиргыло:

  • - Амилаҭтә банк Ахантәаҩы;
  • - Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа;
  • - Апрокурор Хадеи уи ихаҭыҧуааи;
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата Ахантәаҩи уи ихаҭыҧуааи;

11) ианаҭоит рыхгьы иақәиҭнатәуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аудиторцәа хҩык.

12) иаднакылоит Аминистрцәа Реилазаара иалахәу џьоукы бжьыҭирала иӡбоу рыгәрамгара рылаҳәара иазку азыӡбақәа;

13) Аҧсны Ахада ахара иднаҵоит уи имаҵура нижьразы;

14) ирыланаҳәоит амнистиа;

15) иаӡбоит аибашьра рылаҳәареи аинышәара абжьаҵареи ирызку азҵаатәқәа;

16) иаӡбоит Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыламкьысра азҵаатәқәа;

17) иаӡбоит иҷыдоу аҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи ралагалара ахьынӡазинрку;

18) инанагӡоит Аконституциеи Аҧсны азакәанқәеи иадырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.