НОВОСТИ

Апрокуратура хада 30 шықәса ахыҵит
12.04.2024
Поделиться в соцсетях:

Апрокуратура хада 30 шықәса ахыҵит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра  анапхгареи аусзуҩцәеи аусбарҭа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.


Ҳаҭыр зқәу Михаил Валери-иԥа! Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аусзуҩцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра 30 шықәса ахыҵра!

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩныҵҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәтә усбарҭақәа рсистема аҳәынҭқарра абиуџьет ашьақәыргылареи уи аекономикатәи асоциалтәи зҵаарақәа рыӡбареи алзыршо акрызҵазкуа ашьаҟақәа ируакны иҟоуп.  
  
Шықәсырацәалатәи Шәара шәԥышәа, зыгәрагоу акадртә еилазаара, ишәыдышәкыло ишәоу-изоу азыӡбақәа ирыбзоураны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аколлектив аҳәынҭқарра анапхгара иқәнаргыло ауснагӡатәқәа рыӡбара алнаршоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәахтәтә система есааира аҿиара, аизҳара амҩа иануп. Уи дырҵабыргуеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ишәымоу аихьӡарақәа. Планла иазԥхьагәаҭоу арбагақәа қәҿиарала рынагӡара мҩаԥысуеит. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәҵара аусхк аҟны азакәанԥҵара аиӷьтәраҿы алагаламҭа аҵак ду амоуп.    

Иахьа шәара шәыҩныҵҟа аус руеит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаразы игылаз. Урҭ рԥышәеи амаҵзура разыҟазаашьеи абиԥара ҿыцқәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟоуп.
  
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аусзуҩцәа, ишәзеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа, агәабзиара, аизҳазыӷьара хаҭалеиԥш, ҩнаҭалагьы!