НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит
05.05.2024
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Жәлар Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Акыр иаԥсоу аҩызцәа!



Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа зегьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Амшаԥ ныҳәа ду!

Мшаԥныҳәа лаша ҳара ҳажәлар рзы жәытәнатә аахыс аныҳәақәа ирныҳәан, аҵак дуӡӡа аман.

Абри аҽны Қьырса Игылара иаҳнаҭо агәалаҟазаара даҽакы еиԥшым, уи гәырӷьарала ирыцеиҩаҳшоит адунеи иқәу ақьырсианцәа зегьы.

Қьырса Игылара амш иамоу амч, иацу адоуҳа ауаа ҷыдала ауаҩра, арыцҳаибашьара, аиашара агәрагара рнаҭоит. Ари аныҳәа иацу аҵасқәа даҽазныкгьы иаҳгәаладыршәоит ауаҩы абзиа ауразы, абзиа азхәыцразы дышшоу.    

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Аԥсҭазаараҟны ишәԥыло ауадаҩрақәа, аԥышәарақәа риааираҟны ишәыцхраалааит анцәахаҵара, иҟалааит уи ҳҿар рзы имҩақәҵаганы!

Мшаԥныҳәа алԥха шәымзааит ҩнаҭацыԥхьаӡа, ҭаацәаныла!  

Ҽаанбзиала шәнеилааит!"




--
Тамила Аршба