АРЕСПУБЛИКА
Азеиҧш информациа
Аԥсны Аҳәынҭқарра (Аԥсны) – ихьыҧшыму, идемократиатәу, изинтәу ҳәынҭқарроуп, ҭоурыхла ишьқәгылеит ажәлар аҽҳәаақәҵаразы ирымоу азин инақәыршәаны.
Аофициалтә хьӡы:
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аҳҭнықалақь:
Аҟәа
Аԥсны аҵакырадгьыл 7 административтә раионк рыла еихшоуп: Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи, Галтәи.
Аҳәынҭқарратә бызшәа:
Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аҧсуа бызшәа, аурыс бызшәа аҧсшәа инаваргыланы амилаҭқәа реилибакаара бызшәас иҟоуп.
Адинхаҵара:
Аԥсуаа реиҳараҩӡак ақьырсиан динхаҵара ныҟәыргоит, иҟоуп иара убас атрадициатә қьабзқәеи, аҧсылманреи, акатолицизми ирықәныҟәо ауааҧсыра.
Аԥара:
Аԥсны ахархәара амоуп аурыс мааҭ.
Иқәынхо ауааҧсыра:
242,0 нызқьҩык.
Адгьылҵакыра:
Азеиҧш ҵакыра – 8665 км ҧшьыркца ыҟоуп. Мраҭашәарантә мрагыларанӡа – 170 км; аладантә аҩада – 65 км. Зынӡа аҳәаақәа роура - 600 км рҟынӡа инаӡоит, урҭ рыҟнытә 390 км – адгьыл аҟны, 210 км – амшын аҟны.
Зегь иреиҳау ашьха:
Домбаи-Ульген (4049 м)
Аҳәаақәа:
Аҧсны аҵакырадгьыл ҳәаақәас иамоуп: ҩадантә – Кавказтәи Ашьхеибаркыра хада, ладантә – Амшын Еиқәа. Мраҭашәарахьала аӡиас Ҧсоу инаваршәны Урыстәылатәи Афедерациа иадуп, мрагыларахь – аӡиас Егры ала Қырҭтәыла иадуп.