Имҩаҧысит “Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсырра тәылауаҩшәҟәыла реиқәыршәара апроцесс аҳәаақәҵара иазку 3390-с-V сентиабр 18, 2013 шықәса аҟн. “ Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара анагӡашьа агәаҭаразы Аҧсны Жәлар Реизара Акомиссиа инарҭбаау аилатәара. Аилатәара мҩаҧигеит ари Акомиссиа ахантәаҩы Аслан Кобахиа.
Иазгәаҭатәуп, “Апарламенттә усҭҵаарақәа рзы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны иарбоу азҵаара иазку аусура амҩаҧгаразы 2013 шықәсазы апарламенттә Комиссиа шаҧҵаз. Уи иалахәуп: Аслан Кобахиа - Акомиссиа ахантәаҩы, Валери Агрба, Ахра Бжьаниа, Дмитри Гәынба, Аполлон Гәыргәлиа, Ахра Ҧачлиа, Леонид Чамагәуа.
Аслан Кобахиа аилатәара иалахәыз ирылаиҳәеит адепутатцәа азеиҧштәылауаҩтә шәҟәқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра рыҭара азакәантәра агәаҭара гәҭакыс ишрымоу.
Аилатәараҿы дыҟан Аҟәа ақ. апрокурор Алиса Бигәаа. Уи лықәгылараҿы инарҭбааны иаалырҧшит Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа тәылауаҩшәҟәыла реиқәыршәара азҵаара инадҳәаланы апрокуратура имҩаҧнагахьоу аусура атәы.
Аилатәара иалахәын иара убас Апрокурор Хада Алеқсеи Ломиа, Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура егьырҭ ахаҭарнакцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистр РаульЛолуа, атәылауаҩшәҟә-визатә маҵзура Аусбарҭа аиҳабы, амассатә-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа.
Апарламенттә комиссиа Аҧсны Аҳәынҭқарра азинхьчаратә усбарҭақәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа тәылауаҩшәҟәыла реиқәыршәара апроцесс аҳәаақәҵара иазку аусура агәаҭараззы иеидгыланы русура иацырҵараны иҟоуп.