НОВОСТИ

Апарламент Ахантәаҩы Амедецинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
21.06.2026
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Ахантәаҩы Амедецинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Амедецинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәеи аветеранцәеи ирыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Амедицинатә усзуҩы имш!

Амедицинатә усзуҩы ҳуаажәларраҿы аҭыԥ ду ааникылоит, еснагь зыда ԥсыхәа ыҟам, зҿлымҳара ду змоу усзуҩуп. Шәара шәусура ауаа рзы хәарҭара злоу усуп аҟнытә ҳтәылаҟны ахаангьы абиԥарақәа зегьы рзы аҵак ду аман. 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи иахьатәи ашәарҭарақәеи   раан ҳара ҷыдала еилаҳкаауеит шәзанааҭ аҵакы, ачымазцәа реиқәырхареи рыхәышәтәреи рзы шаҟа ҟазара, хамеигӡара аҭаху.

  Шәара шәзанааҭ даҽакы иеиԥшӡам – шәара шәнапы алакуп шәдыррақәеи шәҟазареи реиӷьтәра, есҽны аҭакԥхықәра ду шәыдызҵо аус.

Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара асистема ҿиоит атехнологиа ҿыцқәеи астандартқәеи ралагалара, убри аангьы амедицина агуманисттә традициақәа еиқәырханы, иеиҵагыло амедецинатә усзуҩцәа ҿарацәа рымадара алыршахоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳтәылауаа ргәабзиара арӷәӷәараҿы шәлагаламҭа.
Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьаҳшьоит азанааҭтә қәҿиарақәа, агәабзиара, ахирра!