НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба Аҧсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Мераб Қьышьмариа, аррамаҵзуцәа, Аҧсны Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Армчқәа Рымш.
10.10.2014
Поделиться в соцсетях:

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Мераб Борис-иҧа! Ҳаҭыр зқәу аррамаҵзуцәа, Аҧсны Атәылахьчара Аминистрра аусзуҩцәа!

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыхьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Армчқәа Рымшныҳәа!

Октаибр 11 – ҳара ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы даара крызҵазкуа хҭысны иҟоуп. Абри амш аҽны 1992 шықәсазы, Аџьынџьтәылатә еибашьраан, аҧсны жәлар зҭагылаз амш хьанҭақәа раан Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раҧҵара иазкыз Аусҧҟа.

Абри амш аҽны ҳара ҳрыдныҳәалоит зыҧсҭазаара зыҧсадгьыл амаҵура иазызкыз, хацәнмырха зтәылеи зыуаажәлари рыхьчаразы игылаз, иахьагьы аибашьратә традициақәа еиламгакәа, рыҧсҭазаара ашәарҭа ишҭагылоугьы ҳхәаақәа рыхьчара иаҿу.

Ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аибашьра аветеранцәа. Шәара иаашәырҧшыз агәымшәара, ачҳара, Аҧсадгьыл абзиабара игыло абиҧара ҿыцқәа рзы ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзы ҿырҧшыганы иаанхоит ахааназы»

Рыхьӡ кашәара ақәӡам наунагӡа аибашьраҿы иҭахаз! Ҳхырхәоит урҭ рҭаацәа, рҭынхацәа рҿаҧхьа!

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, зыҧсҭазааратә мҩа Аҧсны Аҳәынҭқарра Арратә Мчқәа иадҳәалаз зуалҧшьа анагӡара иацәхьамҵыз зегьы шәгәымшәареи, шәфырхаҵареи рзы, аҿар ирылашәааӡо апатриотизм азы.

Аҧсны Жәлар Реизара аринахысгьы иалшо зегь ҟанаҵалоит аибашьра иалахәызи аррамаҵзуҩцәа аибашьраҿи уи ашьҭахь, аҭынч ҧсҭазараҿи шәылшамҭақәа ирықәнагоу асоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы.

Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, шәҭаацәарақәа рҿы анасыҧ, аҭынчра, Аҧсны Аҳәынҭқарра аизҳазыҕьара иазку аус аҿы аихьӡарақәа дуқәа!»