<p>“Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә – ҵакырадгьылтә акрақәа напхгарарыҭараҿы азакәанҧҵара аус адуларазы Аҧсны Жәлар Реизара аусуратә гәыҧ аҧҵаразы”
<p>Аҧсны Жәлар Реизара Аҧҟара 95 ахәҭаҷ 2 ахәҭа инақәыршәаны
<p>Аҧсны Жәлар Реизара
<p> и а қә н а ҵ о и т:
<p>1. Иаҧҵазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә – ҵакырадгьылтә акрақәа напхгарарыҭараҿы Азакәанқәа рыпроектқәа аус рыдуларазы Аҧсны Жәлар Реизара аусуратә гәыҧ абри аилазаараҿы:
<p.Кәакәасқьыр Ахра Виачеслав-иҧа – аилазаареи аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, адини, аҿар русқәеи аспорти рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ – аусуратә гәыҧ ахантәаҩы;
<p>Агрба Валери Владимир-иҧа – Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы;
<p>Барганџьиа Гәурам Иури-иҧа – аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аҿыцлагалақәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы;
<p.Ҵнариа Беслан Константин-иҧа – абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ ;
<p>Ҧачлиа Ахра Гьаргь-иҧа – абызшәатә политикеи адемографиеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ;
<p>Кәакәасқьыр Ахра Виачеслав-иҧа – асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак алахәылаҩ;
<p>Шамба Дмитри Михаил-иҧа – Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ;
Тҟьебучаа Ҭемыр Елварди-иҧа – Аҟәа ақалақь Аусбарҭа ахада ихаҭыҧуаҩ;
Кәарҷиа Инна Нури-иҧҳа – аексперт;
<p>Ҭарба Луиза Иури-иҧҳа – Аҧсны Жәлар Реизара азинтәи аналитикатәи ҟәша ареферент еиҳабы;
Хутаба Дауҭ Витали-иҧа – азакәанапроекттә усуразы аҟәша ареферент;
Кәакәасқьыр Илона Иури-иҧҳа – аусуратә гәыҧ амаӡаныҟәгаҩ.
<p>2. Аусуратә гәыҧ ахарџьқәа афинансқәа рзоушьҭра алыршазааит Аҧсны Жәлар Реизареи Аҟәа ақалақь Ахадареи рхарџьҧсала (Иацу).
<p>3. Аусуратә гәыҧ административтә – ҵакырадгьылтә акрақәа напхгарарыҭараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа рыпроектқәа цәырыргароуп цәыббра 1, 2015 шықәсанӡа.
<p> 4. Иарбоу Ақәҵара амч аиууеит иара анрыдкылаха аҽны инаркны.
<p>Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы В. Бганба
<p>Аҟәа ақ.
<p>ажьырныҳәа 26, 2015 шықәса
<p>№ _________
<p>АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА
<p>АҚӘҴАРА
“Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә – ҵакырадгьылтә акрақәа напхгарарыҭараҿы азакәанҧҵара аус адуларазы Аҧсны Жәлар Реизара аусуратә гәыҧ аҧҵаразы” аҧыхразы.
<p.Аҧсны Жәлар Реизара
<p> и а қә н а ҵ о и т:
<p>1. “Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә – ҵакырадгьылтә акрақәа напхгарарыҭараҿы азакәанҧҵара аус адуларазы Аҧсны Жәлар Реизара аусуратә гәыҧ аҧҵаразы” абҵара 14, 2012 шықәса инаркны Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара амч ацәыӡит ҳәа иҧхьаӡазааит.
<p> 2. Иарбоу Ақәҵара амч аиууеит иара анрыдкылаха аҽны инаркны.
<p>Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы В. Бганба
<p>Аҟәа ақ.
<p>ажьырныҳәа 26, 2015 шықәса
<p.№ _________
.
ПОПУЛЯРНОЕ