НОВОСТИ

Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
02.07.2018
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара. Аилатәараҟны иахәаҧшын “Хазы игоу аусура хкқәа рзы иҷыдоу ашәахтә аҳасабала ашәахтәқәҵара асистемазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект. Аилатәара мҩаҧылгеит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смыр. Аилак иаднакылеит аӡбамҭа абри азакәанапроект ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны иахәаҧшызарц.