НОВОСТИ

Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
20.11.2018
Поделиться в соцсетях:

Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:


"Ҳаҭыр зқәу Екатерина Гьаргь-иҧҳа!

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәиубилеитә ныҳәамш – Шәымшира!  
Шәара иахьа шәеицырдыруеит Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы. Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу ашкол зҽаҧсазтәыз усзуҩуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз журналиступ, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи реидгыла шәалахәылаҩуп, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор ҳәа ахьӡқәа шәыхҵоуп, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аредактор-акорреспондентуп.
Шәара шәыҧсҭазааратә мҩеи шәусуреи Аҧсны иахьатәи аҭоурых иадҳәалоуп. Шәара активла аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара иалахәыз шәыруаӡәкуп.

Журналистк иаҳасабала шәзанааҭтә ҟыбаҩ нарҭбааны иааҧшит Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраан. Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра арратә корреспондентс шәаныҟаз Шәара ишәылшеит  хыҧхьаӡара рацәала аҧсуа радио азы аибашьра афырхацәа ирызкыз адырраҭарақәа разырхиара. Убри инаваргыланы ихацшәыркит, иахьагьы анагӡара шәаҿуп Аҧсны ахьчаҩцәа ирызку хәызмаӡам аматериал аизгара. Аҧсны Аинтеллигенциа рассоциациа еиҿыркааз аицлабра “Аибашьра ашықәсҩыраҟны” шәара аиааира шәаҧсахеит, аибашьра ашьҭахь «1992-1993 шш. аибашьраан афырхаҵареи апрофессионализми рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Ажурналистцәа реидгыла апремиа шәаларуеатхеит.
Шәара ишәанашьоуп «Агәымшәаразы» амедаль. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра архивқәа рыҟны иҟоуп 800 инарзынаҧшуа Шәара авторс шәызмоу афонд адырраҭарақәа, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп адокументтә фильмқәа маҷымкәа.  
Шәлагаламҭа дууп амилаҭтә журналисттә кадрқәа реиҵааӡараҟны. Шәара  Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет  аҟны ажурналистика акафедра аҧҵаҩцәа шәыруаӡәкуп, авторс шәамоуп астудентцәа рзы арҵага шәҟәы, иахьагьы ааҧсарада ҿыц игыло абиҧара разыҟаҵареи рааӡареи аус шәнапы алакуп. Астудентцәа ахә ҳаракны иршьоит ирышәҭо адыррақәеи ирымажәдо шәҧышәеи.  
Шәара шәырдыруеит, ҳаҭыргьы шәықәырҵоит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист иаҳасабала. Ҷыдала шәылшамҭақәа рҵакы азгәарҭоит Ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз рыхьӡ акамыршәразы имҩаҧыжәго аусура. Шәара ижәҩыз хыҧхьаӡара рацәала апублицистикатәи аҭҵаарадырратәи шәҟәқәа Аҧсны ахьчаҩцәа аҧсуа жәлар ргәалашәараҿы наунагӡа реиқәырхара алзыршо документк иаҩызоуп. Аҳәынҭқарраҟны шәылшамҭақәа рыхә ҳаракны ишьоуп, Шәара ишәанашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.
Ҳаҭыр зқәу Екатерина Гьаргь-иҧҳа!
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәзеиҕьасшьоит арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа, агәабзиара, насыҧ зцу амшқәа рыла иҭәызааит шәыҧсҭазаара!