НОВОСТИ

Фазлыбеи Аҩӡба ихы алаирхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра имҩаҧнагаз Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раҧҵара 22 шықәса ахыҵра иазкыз агәырҕьаратә еизара.
10.10.2014
Поделиться в соцсетях:

Фазлыбеи Аҩӡба ихы алаирхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра имҩаҧнагаз Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раҧҵара 22 шықәса ахыҵра иазкыз агәырҕьаратә еизара.

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Фазлыбеи Аҩӡба ихы алаирхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра имҩаҧнагаз Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раҧҵара 22 шықәса ахыҵра иазкыз агәырҕьаратә еизара.

Агәырҕьаратә еизара мҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Арратә Мчқәа Рымшныҳәа аламҭалазы. Уи «Аҧсны Аҳәынҭқарра аныҳәатә, агәалашәаратә мшқәа рзы Азакәан» инақәыршәаны октиабр 11 рзы имҩаҧысуеит.

Октиабр 11, 1992 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра амш хьанҭақәа раан Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раҧҵара иазкыз Аусҧҟа.

Фазлыбеи Аҩӡба иеизаз ирылаиҳәеит Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба адепутатцәа рыхьӡала Аҧсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Мераб Қьышьмариа, аррамаҵзуцәа, Аҧсны Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Армчқәа Рымшныҳәа аламҭалазы иааицҳаз адныҳәалара.