Апарламенттә усуратә гәыҧ иалахәын адепутатцәа, Аҧсны Ахада Иусбарҭа аекспертцәеи, аминистррақәеи егьырҭ аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа. Аилатәараҿы Аиқәшаҳаҭра астатиақәа зегьы ирзааҭгыланы ирыхцәажәан. Апроект ахцәажәараан иааҧшит адепутатцәа рыҩныҵҟа ицәырҵыз аҳәоуеиқәымшәаракәа.
Аизара далахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Д. Шамба. Уи иазгәеиҭеит Апарламенттә усуратә гәыҧ иазнархиаз Аиқәшаҳаҭра апроекти Аиқәшаҳаҭра актәи апроекти формала иеиҧшызаргьы уажәтәи аҵакы шыҧсаху”. Ицәырҵыз ажәалагалақәа азгәаҭаны Аиқәшаҳаҭра апроект ахәаҧшразы идәықәҵан Аҧсны Ахада Иусбарҭахь.