Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Р. Џь. Ҳаџьымбеи Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи реиҧылара
Аиҧылараҿы иахцәажәеит аҩ-ҳәынҭқаррак реиҩызареи ринтеграциеи рзы Аиқәшаҳаҭра апроект. Аҧсны ахада иазгәеиҭеит Аҧсны анапхгара аҧсуа ган апроект ахцәажәареи ажәалагалақәа аус рыдулареи рҿы Апарламенти аекспреттә уаажәларреи активла ралархәра зҿлымҳара шарҭо.
Аурыс ган Аҧсны Аҳәынҭқарра иаднагалазз адокумент аҟны Аҧсны Ахада дзықәшаҳаҭым аҭыҧқәа ыҟоуп аҟнытә иақәнагоу аусбарҭақәеи Ахада Иусбарҭеи Аиқәшаҳаҭра аредакциа азуразы адҵа рыҭоуп.
Имҩаҧгахо аусуреи ахцәажәарақәеи рышьҭахь аурыс ган аҿцәажаәаразы аусуратә гәыҧ аҧҵахоит. Уи иалалоит амчхара анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.