НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистр Рауль Лолуа, иара убас  Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәеи аветеранцәеи ирыдиныҳәалеит рзанааҭтә ныҳәа!
10.11.2014
Поделиться в соцсетях:

Адныҳәалараҿы лымкаала иҳәоуп:

“Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала инарҵауланы ҳаҭыр рықәысҵоит азакәанреи, азинтәпориадоки, ауааҧсыра рыҧсҭазаареи, ргәабзиареи, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ринтересқәа рыхьчара азықәҧара иҧшьоу усны иазнеиуа зегьы”...

Ҷыдала ари амш рыдаҳныҳәалоит Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа аветеранцәа, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар р-Џьынџьтәылатә Еибашьраан аҧсадгьыл ахьчарзы игылаз уи аусзуҩцәа. Ргәалашәара хашҭра ақәӡам аҧсуа милициа аҭоурых аҿы зышьҭамҭа аанзыжьыз.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа атәыла зегьы иахнагаз аиҭакрақәа ахҭысит. Иахьатәи аамҭа иҿыцу, аҭакҧхықра ду зцу ауснагӡатәқәа шәҿаҧхьа иқәнаргылоит. Агәра ганы ҳаҟоуп ари аусбарҭаҿы шәаҧхьа иҟаз русқәа ирыцҵо, ҳазҭагылоу аамҭа аҭахрақәа азгәаҭаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәа, араионқәа рыҟны Аҩныҵҟатәи аусқәа аппарат хадеи аҩныҵҟатәи аусқәа рнапхгарақәеи рколлективқәа аҧхьаҟагьы еиҳа хаҭабзиарала иуадаҩу, ҭакҧхықәра зцу ауснагӡатәқәа рынагӡара ишашьҭало. Урҭ рахьтә акырӡа зҵазкуа акәны иҟоуп амилаҭтә економика аизҳареи ҳауаажәлар рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи. Ҳтәылауаа азинхьчаратә усбарҭақәа русура ашҟа ирымоу агәрагара шәара шәџьабаа ахә злашәшьо акәны иҟазароуп есқьынгьы.

Ҳуаажәларра зегьы еиҧш, Аҧсны Жәлар Реизара адҵа ҳаракқәа шәҿаҧхьа иқәыргыло, амилициа аусуразы алшарақәа реиҕьтәра аус иацхраалоит, иақәнагоу азакәанҧҵаратә хаҧшьгарақәа ирыдгылалоит, ари аус аҿы жәларбжьаратәи аусеицура арҿиара иацхраалоит.

Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала аҧсуа милициа аусзуҩцәа зегьы ирзеиҕьасшьоит агәабзиара, аихьӡара дуқәа, дасу рыҩнаҭақәа рҿы – анасыҧ, аизҳазыҕьара”.