НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҧхьатәи аҧхьарала ирыдкылан Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә процессуалтә Кодекс.
13.10.2014
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҧхьатәи аҧхьарала ирыдкылан Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә процессуалтә Кодекс.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҧхьатәи аҧхьарала ирыдкылан Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә процессуалтә Кодекс. ,p>Ари азҵааразы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩытәҩса изиқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Валери Агрба.

Иарбоу азакәанапроект даҧхьо, Валери Агрба иазгәеиҭеит иара аӡбаратә реформа иахәҭакны ишыҟоу, уи насгьы ҧхьаҟа адкылара Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаҩцәа рус ахаҭабзиара аиҕьтәра ишацхраауа, ишалнаршо аматериалтәи апроцессуалтәи рыҧҟарақәа ракра.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә процессуалтә Кодекс апроект адкылара аналыршаха, иажәыз,

иахьатәи аусеилыргара асистема аҭахрақәа ззынамыгӡо апрель 3, 1998ш. Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә процессуалтә Кодекс амч шацәыӡыз ала азхаҵара аиууеит. ,p>Адепутатцәа рҿаҧхьа дықәгыло Валери Бганба иазгәеиҭеит, азакәанапроект аус адулареи адкылареи зыхҟьаз амзызқәа:

“Раҧхьа иргыланы, аус зуа АПК иагу, аҩныҵҟатәи аиҿагыларақәа иара аҧҟарақәа рыҟны, иара убас егьырҭ азакәанқәа ирықәымшәо иахьыҟоу.

Аҩбатәи, анаплакратәи даҽа аекономикатә уси рҿы аизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо, абжьаҟазаратә лшарақәа ирыцызҵо азакәанқәа жәпакы рыдкылара. Урҭ азакәанқәа рахь иаҵанакуеит:

“Изышьақәымгылаз азы (абанкротразы)”, “Анагӡаратә усеилыргаразы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан.