Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрреи Аҧсны Аҳәынҭқарра аштаб Хадеи раҧҵара 22 шықәсахыҵра иазку Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра агәырҕьаратә еизара.
Аизара далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Агәырҕьаратә еизараҿы дықәгылеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Фазлыбеи Аҩӡба. Уи иеизаз ирылаиҳәеит Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба адепутатцәа рыхьӡала Аҧсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Мераб Қьышьмариа, аррамаҵзуцәа, Аҧсны Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Армчқәа Рымшныҳәа аламҭалазы иааицҳаз адныҳәалара.
Октиабр 11, 1992 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра амш хьанҭақәа раан Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раҧҵара иазкыз Аусҧҟа.
«Аҧсны Аҳәынҭқарра аныҳәатә, агәалашәаратә мшқәа рзы Азакәан» инақәыршәаны октиабр 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Арратә Мчқәа Рымш ҳәа иазгәарҭоит.