НОВОСТИ

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы – Валери Бганба идылныҳәалеитАҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра Амш.
02.10.2014
Поделиться в соцсетях:

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы – Валери Бганба идылныҳәалеитАҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра Амш.

Уи иҟалҵаз адныҳәалараҿы иҳәоуп:

“Ари аныҳәа – иаҧсоу, ишәарҭадоу аҧсҭазаара ашьақәыргылара зылшаз аҧсуа жәлар рыгәаҕьреи рфырхаҵареи бзианы изныҧшыз акоуп. Урыстәылатәи Афедерациа ҩызаҵас иззыҟоу Аҧсны аҳәынҭқарратә ргылара, асоциалтә-економикатә ҿиара, атәылахьчаралшара арҕәҕәара иадҳәаланы аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбараҿы аҧхьаҟагьы ганрацәала ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп.

Гәахәарыла иазгәаҳҭоит ҳтәылақәа рпарламентқәа рҵак ду аурыс-аҧсуа еиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы, иара убас аҩ-ганк рзы феида злоу лҵшәазмоу азакәанҧҵаратә усеицура алыршараҿы.

Ҳаҭыр зқәу, Валери Рамшьыхә-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит ақәҿиарақәа азакәанҧҵаратә усураҿы, агәабзиара, агәамч, анасыҧ, Аҧсны жәлар – аҭынчреи аизҳазыҕьареи”.