НОВОСТИ

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарақәеи реиҧылара.
19.11.2014
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарақәеи реиҧылара.

<p>Аиҧылара аартуа  Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Д.Џь. Аршба, бзиала шәаабеит ҳәа раиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарақәа рхадацәа: Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистр Р. В. Лолуа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура Ахантәаҩы Марганиа З. Б., Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада Ломиа А.К., Аҟәа ақ. апрокурор   Бигәаа А. З.
<p>Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Д.Џь. Аршба аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи ауаажәларра ирызцәырнаго агәҭынчымреи данрылацәажәа ашьҭахь ажәа иҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада Ломиа А.К.
<p>Ломиа А.К. Аҧсны ауаажәларреи аиҿкаарақәеи амчратә еилазаарақәа аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧырго аусура иарҭо адгыларазы иҭабуп ҳәа раҳәаны, дазааҭгылеит ҳазҭоу амзазы Аҧсны амилициа аусзуҩцәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр Б.Т. Быҭәбеи инарыдҳәаланы аҭыҧ змаз ахҭысқәа. Иҳәеит арҭ ахҭысқәа  инарыдҳәаланы ашьауҕатә ус шхацырку, хаҭала иара хылаҧшрагьы  шаиҭо. Иара убас  Апрокурор Хада иазгәеиҭеит иахьа азинхьчаратә усбарҭақәа рус зырманшәало акәны ишыҟалаз ишьақәыргылоу авидеонҵагақәа, урҭ аус обиективла азнеира шалдыршо.
<p>Иааркьаҿны ааигәа ҳтәылаҿы имҩаҧысыз ахҭысқәа хҧа дрыхцәажәеит иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистр Р. В. Лолуа. Уи иҳәеит ааигәа иҟалаз ахҭысқәа иреиҧшу  гәыҧҩык аҿар рганахьала азакәанеилагарақәа есҽны ишымҩаҧысуаз, иааидкыланы Аҧсны иахьаҵанакуа иҟоу азакәанеилагарақәа макьана инарҵауланы аҭҵаара ишахьымӡац, хыхь-хыхь ауаажәларра еиҳа изыргәамҵуа аусқәа нап шрыларкыз. Иара убас иазгәеиҭеит иахьа Аҟәа ақалақь  аҩныҵҟа уахгьы –ҽынгьы иныҟәо ишалагаз авидеонҵагақәа зықәгылоу 6-7 машьына. Ари  аусҭҵаара аус акыр ишацхраауа.
<p>Ашәарҭадаратә Маҵзура Ахантәаҩы Марганиа З. Б.,  Аҟәа ақ. апрокурор   Бигәаа А. З.  адепутатцәа иқәдыргылоз азҵаарақәа жәракы рҭакқәа ҟарҵеит.
<p>Аҵыхәтәан, адепутатцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарақәа русура иацу аҭакҧхықәра ду азгәаҭаны,  ирҳәеит уи аганахьала ирымаз азеиҕьашьарақәа.