Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәиу ҭагалантәи асессиаҿы адепутатцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәаа иаҧну ақыҭа Аибга инадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
<p>Ари азҵаара иазкын абызшәатә политикеи адемографиеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Валери Кәарҷиа иажәахә.
<p>Ақәҵара атекст ацуп.
<p>АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА
<p>АҚӘҴАРА
<p>2010 шықәса декабр мза инаркны иахьанӡа аус ауеит Аҳәынҭқарратә ҳәаа ашьақәыргылареи Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара амшын еиужьра аихшареи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ҩ-ганктәи Ркомиссиа. Акомиссиа аҵыхәтәантәи аиҧылараҿы ноиабр 10, 2011 шықәсазы Аҧсуа ган Урыстәылатәи аган иаднагалеит ақыҭа Аибга арымарахьтәи аӡхықә иаҧну ахәҭа Аҧсуа ган ишатәу шьақәзырҕәҕәо аҵаҵҕәы.
<p>Аиҿцәажәара анымҩаҧысуаз аганқәа рыбжьара иалыршан аиқәшаҳаҭра аҳәаа ашьақәыргылара апроцесс хыркәшахаанӡа аиҿцәажәаратә процесс иаҧырхагахаша ганктәи аусмҩаҧгарақәа раанкыларазы.
<p>Убас шакәугьы, ҳазҭоу ашықәс ноиабр алагамҭазы ақ. Шәача ахада А.Н. Пахомов ақыҭа Аибга арымарахьтәи аӡхықә иаҧну ахәҭа данаҭаа акоммуникациеи егьырҭ аобиектқәаки реиҭашьақәыргыларазы акымкәа алаҳәарақәа ҟаиҵеит иара ақ. Шәача иаҵанакуеит ҳәа иҧхьаӡаны.
Иара убас Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Ткачиов А.Н. адҵа ҟаиҵеит ақыҭа Аибга арымарахьтәи аӡхықә иаҧну аган иқәынхо ауааҧсыра рганахьала асоциалтә-економикатә уснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы.
<p>Иарбоу ауснагӡатәқәеи алаҳәарақәеи Урыстәылатәи Афедерациаҟны амаҵурауаа имҩаҧырго ак аҳасабала Краснодартәи атәылаҿацә амассатә информациақәа рхархәагақәа рыла ирылаҳәан.
<p>Аҧсны Жәлар Реизара ганкымацаралатәи арҭ аусхкқәа рымҩаҧгара Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аҳәынҭқарратә ҳәаа ашьақәыргыларазы уаанӡа иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа реилагара ауп иаанаго, насгьы ас еиҧш аусхкқәа иҵаҵҕәыдоу, нышәашьа змам акеиҧш иаҧхьаӡоит.
<p>Аҧсны Жәлар Реизара
<p>Ақәҵара аднакылеит:
<p.1. Аҳәынҭқарратә ҳәаа ашьақәыргылареи Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара амшын еиужьра аихшареи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Акомиссиа ахантәаҩы Кәарҷиа В.Е. идҵан Аҳәынҭқарратә ҳәаа ашьақәыргылареи Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара амшын еиужьра аихшареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Акомиссиа ахантәаҩы Постнов В. В. уаанӡа иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа реиламгаразы иақәнагоу ауснагӡатәқәа рымҩҧгара иазырхьарҧшра.
<p>2. Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр Чрыкба В.А. Урыстәылатәи аган аҟнынӡа инаигароуп ас еиҧш иҟоу аусқәа Краснодартәи атәылаҿацә амаҵзураауа рганахьала ралмыршареи хыхь иазгәаҭаз ахҭысқәа дәықәызҵаз амассатә информациақәа рхархәагақәа рыҟнытә ақыҭа Аибга Шәача ақ. ишаҵанакуа ала ииашам Аинформациа аҿаҧҽреи алыршара.
<p.3. Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә Маҵзура Ахантәаҩы Марганиа З.Б. идҵазааит ақыҭа Аибга аганаҿы Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ахылаҧшра арҕәҕәара.
<p>Аҧсны Жәлар Реизара
<p>Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ - Д. Аршба
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

21.11.2014
Поделиться в соцсетях: