НОВОСТИ

Аҧсны  Жәлар Реизара аделегациа декабр 5 рзы Шәача ақ. имҩаҧысраны иҟоу Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара ҩынҩажәабыжьбатәи асессиа  иалахәхоит.
04.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара аделегациа декабр 5 рзы Шәача ақ. имҩаҧысраны иҟоу Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара ҩынҩажәабыжьбатәи асессиа иалахәхоит.

Аҧсны Жәлар Реизара аделегациа декабр 5 рзы Шәача ақ. имҩаҧысраны иҟоу Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара ҩынҩажәабыжьбатәи асессиа ауснагӡатәқәа ирылахәхоит.

Апарламенттә делегациа иалахәуп Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы хаҭыҧуаҩ Даур Аршба – аделегациа анапхгаҩы, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак алахәылаҩ Аслан Кобахиа, Аҧсны Жәлар Реизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Апарламенттә Еизара ҩынҩажәа быжьбатәи асессиа аилатәараҿы иахәаҧшраны иҟоуп: Аиҩызаратә ҳәынҭқарра 2015 шықәсазтәи абиуџьет, Аиҩызаратә ҳәынҭқарра абиуџьет ашьақәыргылашьеи анагӡашьеи, Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара 2015 шықәазтәи аусура аплан – аамҭеихшара, Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара 2015 шықәазтәи жәларбжьаратәи аусура аплани егьырҭ азҵаарақәеи. ,p>Аҧсны Жәлар Реизара октиабр мза 2008 шықәса инадыркны Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизараҟны иааиҧмырҟьаӡакәа ахылаҧшҩы истатус амоуп.