НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара  Аилак  инарҭбаау аилатәараҿы “Аҧсны Аҳәынҭқарра 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы” азакәан апроект ахәаҧшра иазку  азҵаарақәа ирылацәажәан.
05.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара Аилак инарҭбаау аилатәараҿы “Аҧсны Аҳәынҭқарра 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы” азакәан апроект ахәаҧшра иазку азҵаарақәа ирылацәажәан.

Аҧсны Жәлар Реизара акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәараҿы “Аҧсны Аҳәынҭқарра 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы” азакәан апроект ахәаҧшра иазку азҵаарақәа ирылацәажәан.

Аилатәара мҩаҧигеит акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы Гаргь Агрба. Уи иалахәын адепутатцәа Гәырам Барганџьиа, Ахра Бжьаниа, Левон Галустиан, Емма Гамисониа, Аполлон Гәыргәллиа, Алмас Џьапуа, Анзор Кокосқьериа, Артур Амқәаб, Саид Ҳаразиа, Беслан Ҵнариа, Роберт Иаилиан, афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа, аекономика аминистр Николаи Ачба, уи ихаҭыҧуаҩ Ахра Арсҭаа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата ахантәаҩы Аршба Роберт, Аконтрольтә палата азинтә ҟәша аиҳабы Мадина Багаҭелиаҧҳа. ,p>Аҳәынҭқарратә економикатәи абиуџьеттә политикеи рышьақәыргылара ишиашоу иалахәу Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнакцәа ианырҧылаоз адепутатцәа аҧхьаҟатәи абиуџьет ҷыдала ашәагаа ахәаҧшра гәҭакыс ирыман.

Николаи Ачба адепутатцәа ирылаиҳәеит декабр 4 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаараҿы “Аҧсны Аҳәынҭқарра 2015 шықәсазы асоциалтә-економикатә ҿиаразы аиндикативтә план” шышьақәырҕәҕәоу, уи ала аекономика аҟәшақәа 5% аизҳара шазгәаҭоу. Иара аус ицызуа иҩызцәагьы иаргьы аекономикатә политика ахырхарҭақәак рзы ргәаанагара рҳәеит, иазгәарҭеит авалиутатә контроль алагалара, хаҭалатәи анаплакыҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи русура хымҧада хылаҧшра шаҭатәу, иара убас акоррупциа аҿагылара шаҭаху.

Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа илҳәеит Аҧсны апроблема хадақәа ируакны ишыҟоу аҳәаа. “Иаҳбароуп аҳәаақәа рыҩбагь рыҟны иҟоу ахархәара змоу аҧаратә еикәшара”, - иазгәалҭеит аминистр. Ирыдылгалеит акассатә аппаратқәа ралагаларазы иҟоу аидеиа аинагӡара ахәаҧшра, иара убас иҟалҵеит егьырҭ ажәалагалақәагьы.

Аилатәара иалахәыз зегьы абизнес маҷи абжьаратәи абизнеси ишадгылатәу азы ргәаанагарақәа акын. Убри аан иазгәаҭан иахьатәи аамҭа иақәшәо абухгалтертә ҧхьаӡара аҟамзаара, абанктә ҟәша аҿиара, зыҿҳәарадуу аҿиара аконцепциақәа рышьақәыргылара шаҭаху, хара имгакәа, азеиҧшдунеитә економикатә хырхарҭақәа ҳасаб рзуны, атәылаҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы ахықәкқәеи урҭ рынагӡашьеи ралкаара. Адепутатцәа ирҳәеит дара рганахьала Аиҳабыра аус зуа азакәанҧҵара аиҕьтәреи иалкаау азакәан ҿыцқәа аус рыдулареи ишазхиоу.

Аекономика аминистр Николаи Ачба хара имгакәа аусзыдулара мҩаҧысуа аинвестициатә программа апроект дырбаразы адепутатцәа ражәалагала дадгылеит.

Аиҳабыра рхаҭарнакцәа ихы нарықәкны Гьаргь Агрба аҳәара ҟаиҵеит абиуџьет ашьақәыргыларазы аусура дырццакырц, адепутатцәагьы зырхиара иаҿу азакәанапроект азы ажәалагалақәа шрымоу, иара убас аус зуа азкәанҧҵара инақәыршәаны уи ахәаҧшразы аҿҳәара иашахыҧахьоу азгәаҭаны.