Аҧсны Жәлар Реизара акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы Гаргь Агрба инарҭбаау аилатәара мҩаҧигеит. Аилатәараҿы иахәаҧшын “Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата 2015 шықәсазы аныҟәгаразы аныхтәқәа рзы апроект.
Иарбоу азҵаарақәа рыхәаҧшра иалахәын адепутатцәа: Алмас Џьапуа, Анзор Кокоскериа, Саид Ҳаразиа, Беслан Ҵнариа, иара убас Аконтрольтә палата ахантәаҩы Аршба Роберт, Аконтрольтә палата азинтә ҟәша аиҳабы Мадина Багаҭелиаҧҳа.
Аконтрольтә палата ахантәаҩы Аршба Роберт адепутатцәа ирыдигалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата астатуси, аконтрольтә палата аус ахьауа аҭыҧқәеи, уи ауснагӡатәқәеи ирыдҳәалоу “Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы ажәалагалақәа. Р. Аршба ишиҳәаз ала, аҧсахрақәа рыхәҭак Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҧхьаӡаратә палатеи русеицуразы ззырхиара иаҿу аизыразра, иара убас “Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы абиуџьеттә еиҿкаара ашьаҭақәеи абиуџьеттә процесси рзы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ҿыц ианвар 1, 2015 шықәса инаркны аусура алагара иадҳәалоуп.
“Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизара акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак алахәылаҩцәа ирыхәаҧшит иара убас Аконтрольтә палата 2015 шықәсазы аныҟәгаразы иҟанаҵаз ажәалагалақәа. Иазгәаҭатәуп, Аконтрольтә палата аныҟәҟгаразы ахарџьҧса Аҧсны Жәлар Реизара ишҳәаақәнаҵо – насгьы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны хазы цәаҳәаны ишазгәаҭоу.
Арҭ ахарџьқәа рыхәаҧшраан адепутатцәа Аконтрольтә палата аекономикатә хьыҧшымразы ргәаанагара рҳәеит, иагьрыдыргалеит ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата 2015 шықәсазы аныҟәгаразы аныхтәқәа рзы апроект ашьақәырҕәҕәара.
Иара убас адепутатцәа ажәалагала ҟарҵеит ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәараҿы иахьа амш азҵаараҿы изхәаҧшыз 2015 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизара аныхтәқәа рхарџьынҵа апроект.