НОВОСТИ

Имҩаҧысит Аҧсны Ахада Р. Ҳаџьымбеи Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи реилацәажәара
09.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Аҧсны Ахада Р. Ҳаџьымбеи Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи реилацәажәара

Аилацәажәара иалахәын Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистр Рауль Лолуа, Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба, Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа.

Амҩақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа даара ишәарҭахеит. Изныкымкәа азин еилаганы автотранспортә хархәагақәа ишрықәнагам ала иныҟәызцо атәылауаа ҳуаажәларра зегьы ргәы дырҭынчуам. Аминистр иқәгылараҿы иҟалахьоу арыцҳарақәа инарымаданы астатистика рылаиҳәеит; аҵыхәтәантәи амза аҩныҵҟала ААР аҟны иазгәаҭан 200 инареиҳаны иҟаз азинеилагарақәа, аҩымшк ирылагӡаны урҭ азинеилагарақәа ирыхҟьаны хәҩыуаак аҿар рыҧсҭазаара иалҵит. Убри аан Р. Лолуа иҳәеит аминистрра аусура зыруадаҩуа акәны ишыҟоу иажәыз атехникатә база, агәаҭаратә машьынақәа реиҳарак шыҧхасҭоу.

Ахада иқәгылараҿы иҳәеит асанкциақәа рыла иҟоу арыцҳара аанкылашьа шамам, убри аҟнытә Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрреи, Ахада Иусбарҭеи, Апарламенти, Аминистрцәа Реилазаареи еидгыланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зыриашаша иақәнагоу ауснагӡатәқәа аус шрыдыруларакәу. Ахада адҵа ҟаиҵеит изыхәҭоу аусбарҭақәа амашьынаныҟәцаратә ршаҳаҭгақәа рыҭара аус хылаҧшра арҭарц азы. “Џьара-џьара амашьынаныҟәцаҩ азин адагьы иара атранспорт хархәагақәагьы имхлатәуп” – иҳәеит иара.

Адепутатцәа Ахада игәаанагара иадгыланы ажәалагалақәа ҟарҵеит амҩа анысратә ҧҟарақәа аҵараиурҭақәа рыҟны, ателехәаҧшраҟны, егьырҭ аинформациатә хархәагақәа рыҟны апропаганда рзуразы.

Аизараҿы иара убас иахәаҧшит ақалақьқәеи ақыҭақәеи рыҟны аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа риагара азҵаарагьы. Аҳәынҭқарра Ахада ажәалагала ҟаиҵеит аизарақәа зегьы русурақәа рыҿҳәарақәа 2016-нӡа ирыцҵазарц. Уи ауааҧсыра атәылауаҩшәҟәы ҿыцқәа рыҭареи атәыла иқәынхо ахаҿқәа ҷыдала астатус рыҭареи ирыдҳәалоу азҵаатәқәа рыӡбара алнаршоит.

Аконституциатә реформа, Аҧсны ауааҧсыра рыстатус, адокумент аҧсахра – арҭ зегьы еимадазароуп. Абас араионқәа зегьы рыҟны иҟалароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Р. Ҳаџьымба.

Адепутатцәа аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа риагара аидеиа иадгылеит жәларбжьаратәи аҧышәа азгәаҭаны. Ари азыӡба аҧхьаҟа араионқәа рыстатус аҵакы гәыҩбара амамкәа аҟазаара алнаршоит.