НОВОСТИ

Имҩаҧысит аӡбаратә еиҭакрақәа ирызкыз Азинтә политикеи, аҳәынҭқарраргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак аилатәара
10.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит аӡбаратә еиҭакрақәа ирызкыз Азинтә политикеи, аҳәынҭқарраргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак аилатәара

Азинтә политикеи, аҳәынҭқарраргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак аилатәараҿы Аҧсны Жәлар Реизара аӡбаратә еиҭакрақәа рзы аусуратә гәыҧ аусура алҵшәақәа ирылацәажәан.

Аилатәара мҩаҧигеит Азинтә политикеи, аҳәынҭқарраргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аҧсны Жәлар Рееизара Аилак ахантәаҩы Валери Агрба . Уи иалахәын адепутатцәа Аслан Кобахиеи Роберт Иаилиани, аусуратә гәыҧ алахәылаҩцәа: Аҧсны Жәлар Реизараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба, Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩ Ҭемыр Шониа, Аҧсны Жәлар Рееизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа, Аҧсны Жәлар Реизара азинтәи аналитикатәи ҟәша анапхгаҩы Генади Степанов.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаратә еиҭкрақәа рзы азакәанқәа рыпроектқәа аус рыдуларазы аусуратә гәыҧ аҧҵан иуль 25, 2012 шықәсазы.

Декабр 8, 2014 шықәсазы аӡбаратә еиҭкрақәа рзы Аҧсны Жәлар Реизара аусуратә гәыҧ 41 закәан рыпроектқәа разырхиара иазкыз аусура хыркәшан.

Апрель 30, 2014 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциахьы арҽеирақәа рыдыркылеит. Урҭ арҽеирақәа роуп аӡбаратә еиҭакрақәа рымҩаҧгара шьаҭас иаиуз. Аӡбаратә еиҭакрақәа ихадараны ирылагалан Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аҧҵара.

Аӡбаратә еиҭакрақәа хықәкыс ирыман атәыла аӡбаратә система аҿиареи аиҕьтәреи рзы аҭагылазаашьақәа раҧҵара, аӡбаҩцәа рыквалификациеи азинӡбара ахаҭабзиареи рышьҭыхра, аӡбаҩцәа рхьыҧшымреи рҭакҧхықәреи алзыршо еиҿкаарак аҳасабала аӡбаратә уаажәларра аусбарҭақәа рҭыҧ аҳәаақәҵара, иара убас жәларбжьаратәи азинтә стандартқәа инарықәыршәаны азакәан ҧыжәара аҭарала ауаҩы қәнагала иусӡбаразы изинқәа рынагӡара.

“Аӡбаратә мчхаразы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан апроект формалеи еилазаашьалеи иааизакны аӡбаратә мчхара ҳәаақәызҵо аҧҟарақәа рыла ишьақәгылоу азакәанеидызкыло актны иҟоуп. Имҩаҧысыз аилатәараҟны иӡбан иарбоу азакәанапроектқәа актәи аҧхьараан адкыларазы Аҧсны Жәлар Реизара асессиа изаамҭанытәиу аилатәара амш азҵаара иалаҵатәуп ҳәа.