НОВОСТИ

Аҧсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәа Азакәан анагӡашьеи уи иацу ауадаҩрақәеи инарымаданы аилацәажәара.
12.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәа Азакәан анагӡашьеи уи иацу ауадаҩрақәеи инарымаданы аилацәажәара.

p>Аҧсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны Жәлар реизара адепутатцәеи, аҵарауааи, ашәҟәыҩҩцәеи, ауаажәларратә еиҿкаара “Ахеиқәырхара” алахәылаҩцәеи, ажурналистцәеи злахәыз Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәа Азакәан анагӡашьеи уи иацу ауадаҩрақәеи инарымаданы аилацәажәара.

Аилацәажәара аартуа, Р. Џь. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Азакәан анагӡараз иҟаҵоу шмаҷымгьы хара имгакәа Азакәан ақәныҟәаразы имҩаҧгатәқәоу ауснагӡатәқәа жәпакы шыҟоу.

Аҧсны Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан анагӡара иазку Аусбарҭа аҧҵаразы адепутат, аҵарауаҩ В. Кәарҷиеи, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ҭ. Џьапуеи иаздырхиаз апроектқәа ҩба шыҟоу. Урҭ аилацәажәара иалахәыз ирыдгылан иахцәажәарц азы.

Апроектқәа рыхцәажаәара ашьҭахь Аҧсны Ахада Р. Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә бызшәа Азакәан анагӡаразы Аусбарҭа аилазаара аус адызулаша аусуратә гәыҧ аҧҵазарц. Ари аусуратә гәыҧ аусура алҵшәа ҧхынҷкәын 15 иахымгакәа Ахада иҟны инагахоит. Ахада дахәаҧшны ишьақәиргылараны дыҟоуп иааиуа ашықәс абиуџьет аҿы иарбахо абызшәа Азакәан анагӡара хылаҧшра ҷыда азҭаша Аусбарҭа аусуразы ахарџьқәа.

Аилацәажәара иалахәын: Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ В. Габниа, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Ш. Аӡынба.