НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар реизараҿы имҩаҧысит изаамҭанытәиу аилацәажәара
15.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар реизараҿы имҩаҧысит изаамҭанытәиу аилацәажәара

Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери бганба имаҩаҧигаз есымчыбжьатәи аусуратә еилацәажәараҿы Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа ҭагалантәи асессиа аҳәаа иҭагӡаны зҵаарақәак ирыхәаҧшит . Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар Реизара ахәаҧшразы ирыдигалеит “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭыҧантәи ахаланапхгараҭақәа русбарҭақәа рдепутатцәа рымчлшарақәа рыҿҳәара ацҵаразы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан. Ари азҵааразы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит, Аҧсны Жәлар Реизараҿы Аҧсны Ахада ихаҭарнакс иҟоу Дмитри Шамба.

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа азакәанапроект иахәаҧшны аҵыхәтәантәи аҧхьараҟны ирыдыркылеит. “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭыҧантәи ахаланапхгараҭақәа русбарҭақәа рдепутатцәа рымчлшарақәа рыҿҳәара ацҵаразы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҿы иҳәоуп: “Иацҵазааит 2016 шықәса апрель 3-нӡа аҭыҧантәи ахаланапхгараҭақәа русбарҭақәа рдепутатцәа рымчлшарақәа рыҿҳәара”. ,p>Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада актәи ихаҭыҧуаҩ Дамир Кәыҵниа имаҵура иамхразы хаҭала иалаиҵаз арзаҳал инақәыршәаны Ақәҵара рыдыркылеит.

Иара убас апарламенттә қәҵарақәа ирыдыркылаз инарықәыршәаны адепутат Аполлон Гәыргәлиа атәылахьчареи амилаҭә шәарҭадареи рзы Аилак аилазаараҟнытә жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәеи, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадаразы Аилак аилазаарахь диаган; адепутат Фазлыбеи Аҩыӡба абызшәатә политикеи адемографиеи рзы Аилак аилазаараҟнытә диаган жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәеи, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадаразы Аилак аилазаарахь.