НОВОСТИ

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура аҧҵеижьҭеи 22 шықәса аҵра азгәаҭара аламҭалазы
19.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура аҧҵеижьҭеи 22 шықәса аҵра азгәаҭара аламҭалазы

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура аҧҵеижьҭеи 22 шықәса аҵра азгәаҭара аламҭалазы Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Бганба Валери - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура Ахантәаҩы Зураб Марганиа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

“Ҳаҭыр зқәу Зураб Беслан-иҧа!

Шәаргьы, аус шәыцызуа шәколлегацәагьы, Аҧсны Ашәарҭадаратә Маҵзура аветеранцәагьы ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа! ,p>Ҳара, аиашазы, Шәара шәколлектив иреиҕьу ахаҭарнакцәа, урҭ рмаҵурақәа рҿы реихьӡарақәеи амилаҭтә интересқәа рынагӡараҿы иҟарҵо алагалақәеи ҳрызгәдууп, ҳхырхәоит 1992-1993 ш.ш.раантәи Аҧсны жәлар р-Џьынџьтәалатә еибашьраҿи аҭынчраамҭази зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаҧхьа. Апрофессионалтәи апатриоттә традициақәа ишақәнагоу ала анагӡара иаҿуп аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иахьатәи рабиҧара .

Иахьа , Аҧсны Ашәарҭадаратә Маҵзура рганахьала ҷыдала зҿлымҳара рҭахуп атерроризми атәыла аекономикатә шәарҭадареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара алыршареи, иеиҿкаау ацәгьоурази, акоррупциеи, анаркобизнеси рзи агәҽанҵареи аанкылареи рызҵаарақәа, абизнес аҟны аизыҟазаашьакәа ҳәаақәызҵо иахьатәи азакәанҧҵара аус адулара.

Аҧсны Жәлар Реизара Шәаргьы, аус шәыцызуа шәколлегацәагьы, Аҧсны Ашәарҭадаратә Маҵзура аветеранцәагьы ишәыдысныҳәалоит ишәзеиҕьанашьоит агәабзиара, аизҳазыҕьара, шәҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбараҿы – аихьӡарақәа!”