НОВОСТИ

Имҩаҧысит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак аилатәара.
24.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак аилатәара.

Аилатәара мҩаҧигеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак Ахантәаҩы Гьаргь Агрба.

Аилак аилатәара иалахәын адепутатцәа: Емма Гамсаниа, Беслан Ҵнариа, Гәырам Барганџьиа, Левон Галустиан, Алмас Џьапуа, Анзор Кокосқьериа, Дмитри Гәынба иара убас Аҧсны Жәлар Реизараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнакс иҟоу Дмитри Шамба.

“Абиуџьеттә шьақәгылара ашьаҭақәеи Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы абиуџьеттә процессқәеи рзы” Азакәан аилагара инадҳәаланы, ари Азакәан 20-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны Аилак алахәылаҩцәа аӡбамҭа шьҭырхит Апарламент иадыргаларц Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара 2015 шықәсазы актәи аквартал аан “Аҧсны Аҳәынҭқарра 204 шықәсазы Аҳәынҭқарратә биуџьетазы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ала иазгәаҭоу 2014 шықәсазы актәи аквартал иазоужьыз аҧаратә ныхтәқәа рыҩаӡара инақәыршәаны рхархәара рақәиҭтәра, 2013-2015 шықәсқәа (II аетап, 2014 ш.) рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаа иҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рынагӡара аламҵакәа.

Абри инамаданы ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Аҧсны Жәлар Реизара асессиа аилатәараҿы Аилак ахәаҧшрази адкыларази иқәнаргылоит иақәнагоу Ақәҵара.