НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы  аус ицызуа иҩызцәа рыхьӡала Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭа ашьаҭаркра аахыс 100 шықәса аҵра амш ныҳәа рыдиныҳәалеит  ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа.
25.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы аус ицызуа иҩызцәа рыхьӡала Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭа ашьаҭаркра аахыс 100 шықәса аҵра амш ныҳәа рыдиныҳәалеит ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа.

Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭа аҳақьым Хада ихьӡала иҟаҵаз адныҳәалараҿы иҳәоуп:

“ Шәара зымаҵ азыжәуа ахәшәтәырҭа ибеиоу, хьӡи-ҧшеи зцу аҭоуырх амоуп. Ҳара ҳҳәынҭқарраҟны зыпрофессионалтә ҩаӡара ҳараку аҳақьымцәеи агәабзиарахьчаратә усзуҩцәеи рабиҧарақәа рзанааҭтә ҧышәа ӡрыжәуан ара Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҩныҵҟа.

Аҳақьымцәеи агәабзиарахьчаратә усзуҩцәа еиҵбацәеи хамеигӡарада русура шықәсырацәала ахәшәтәырҭа аколлектив зегьы хьӡы рыманы, игәраганы иҟанаҵон.

Шәышықәсала ишьақәгылоз Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭа аҵасқәа аџьынџьтәылатә гәабзиарахьчара шьаҭас иамоуп, урҭ иахьагьы еиқәырханы, еихаҳауа иааргоит уи аусзуҩцәа.

Агәра ганы ҳаҟоуп, Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭа 100 шықәса ахыҵра Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчаратә усзуҩцәа зегьы иеицазгәарҭо ныҳәаны ишыҟоу ала. Адныҳәаларақәа инарыдкыланы, змаҵурала ҳгәабзиара иахӡыӡаауа, аҧсҭазаара ҳаззырхынҳәуа иҭабуп ҳәа раҳәо, иазгәаҳҭар ахәҭоуп, аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иӡбатәны ишықәгылоу агәабзиарахьчара аҟәшаҿы аусуразы аҭагылазаашьа аиҕьтәра, уи аматериалтә лшара аҩаӡара ашьҭыхра алзыршо ауснагӡатәқәа маҷымкәа.