НОВОСТИ

Беслан Бараҭелиа Владислав-иҧа ибиографиа.
26.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Беслан Бараҭелиа Владислав-иҧа ибиографиа.

1999 шықәсазы М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет абакалавриат ибзиаӡаны далгеит. 1997 ш. инаркны 2004 шықәсанӡа М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет аҳәаанхыҵтәи атәылақәа рекономиеи адәныҟаекономикатә еимадарақәеи рзы акафедраҟны идирҵон амаҭәарқәа: ”Амикроекономика”, “Амакроекономика”, “Адунеитә економика”, “Аекономикатә ҿиара атеориа”.

2003 шықәсазы Лондонтәи аекономика ашкол аҟны (Британиа ду) (LSE) «Иҿио атәылақәа рекономика” акурс дахысит.

2005 шықәсазы агәыҧ анапхгаҩы иаҳасабала, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университети Вашингтон ақалақь аҟны иҟоу ЕАА, Америкатәи ауниверситети рыбжьара астудентцәа реиҭныҧсахлара аҳәаа иҭагӡаны аусеицуразы жәларбжьаратәи апроект далахәын.

2005 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҟны азини аекономикеи рыҟәшаҟны референт еиҳабыс аус иуан.

2006 шықәсазы Аҧснытәи аделегациа далахәны Сингапур аекономика аҳәынҭқарратә напхгара аҧышәа аҭҵаара апрограмма далахәын.

2010-2014 ш.ш. – Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет адеканс дыҟоуп.

2014 шықәса жьҭаарамзазы - Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҟны аекономика Аусбарҭа еиҳабыс дыҟоуп.

Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат.

Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара имоуп.