НОВОСТИ

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара асессиа изаамҭанытәиу аилатәара.
29.12.2014
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара асессиа изаамҭанытәиу аилатәара.

Аилатәара мҩаҧигеит Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба. Ирыхәаҧшын иагьрыдкылан Аҧсны жәлар Реизара Ақәҵарақәа:

2015 шықәсазы актәи аквартал азы абиуџьеттә зоужьрақәа ралыршаразы.

Ажәахәҟаҵаҩ – абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Гьаргь Агрба.

Хә. Ш. Бганба иҭаацәара материалла реиқәыршәаразы.

Ажәахәҟаҵаҩ - асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Аполлон Гәыргәлиа.

Р. Ҳ. Смыр иҭаацәара материалла реиқәыршәаразы.

Ажәахәҟаҵаҩ - асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара

Аилак ахантәаҩы Аполлон Гәыргәлиа.

З. М. Гындиа ҭаацәара материалла реиқәыршәаразы.

Ажәахәҟаҵаҩ - асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара

Аилак ахантәаҩы Аполлон Гәыргәлиа.

“Агәабзиарахьчарази” “Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа амедицинатә ҧгаҧсала реиқәыршәарази”

Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа рыпроектқәа аус рыдуларазы Аҧсны Жәлар Реизара аусуратә гәыҧ азы.

Ажәахәҟаҵаҩ - асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара

Аилак ахантәаҩы Аполлон Гәыргәлиа.

Г.В. Аршба Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада актәи ихаҭыҧуаҩ имаҵураҿы иаҭаразы.

Ажәахәҟаҵаҩы - Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада ихаҭыҧуаҩ Омиани Логәуа.

Б.В. Бараҭелиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк Ахантәаҩы имаҵураҿы иаҭаразы.

Ажәахәҟаҵаҩ - Аҧсны Жәлар Реизараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнакс иҟоу Дмитри Шамба.