Аилацәажәараҿы ишьҭыхын аминистррақәа русураҿы иҟоу ауадаҩрақәа, убарҭ инарымаданы имҩаҧысраны иҟоу Аҧсны Жәлар Реизара аилатәарақәа рышҟа аминистррақәа русура аҳасабрба азыӡырҩразы рминистрцәа апарламент ахь рааҧхьара ишаамҭоу.
Абри ашьҭахь аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, адини, аҿар русқәеи аспорти рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Ахра Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит уаанӡа излацәажәаз азҵаарақәа ирыцҵаны иахцәажәазарц Аҧсны Жәлар Реизара аусурагьы.
Аилацәажәара хыркәшо, Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба иҳәеит арҭ азҵаарақәа зегьы ирыхәаҧшраны ишыҟоу иааиуа аҧшьашазы Жәлар Реизара изаамҭанытәиу аилатәараҿы.