Ари азыӡбазы рыбжьы рҭиит 441-ҩык адепутатцәа, аӡәы даҿагылеит, аӡәы иҽникылеит. Абҵара 24, 2014 ш. рзы Шәача ақалақь аҿы ари адокумент Урыстәыла Ахада Владимир Путини Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи рнапы аҵарҩит.
Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иазку аусқәеи аџьынџьуаа рымадареи рзи Аҳәынҭдума Аилак ахада Леонид Слуцкои иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра ашьақәырҕәҕәара урыстәыла-аҧснытәи усеицуразы ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит. “Аиқәшаҳаҭра аҳәынҭқаррабжьаратә еимадарақәеи ҩ-ганктәи аусеицуреи рырҕәҕәара шьаҭас иаууеит”, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.