НОВОСТИ

Имҩаҧысит Апарламенттә Комиссиа инарҭбаау аилатәара
30.01.2015
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Апарламенттә Комиссиа инарҭбаау аилатәара

Имҩаҧысит АА атәылауаа азеиҧштәылауаҩратә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара азакәанра агәаҭаразы Апарламенттә комиссиа инарҭбаау аилатәара. Аилатәара иалахәын АА Апрокуратура, ААР, АШӘМ ахаҭарнакцәа. Имҩаҧигеит акомиссиа ахантәаҩы Аслан Кобахиа.

А. Кобахиа иажәақәа рыла атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара азакәанра агәаҭаразы иҷыдоу акомпиутертә программа аҧҵоуп. Уи атәылауаҩратә-визатә маҵзураҿы иҟоу аҭагылазаашьазы аинформациа хаҭәааны иагәылоуп; АА атәылауаа рхыҧхьаӡара, милаҭла реилазаашьа, иахьиз аҭыҧи ақәреи рзы арбагақәа уҳәа уб. иҵ. Ари абаза арбагақәа рыла АА 90 инарзынаҧшуа милаҭ рхаҭарнакцәа ықәынхоит. Убри аан, 90 312 тәылауаҩшәҟәы аҧсуаа ирыҭоуп, 36 808 – аерманқәа, урҭ рахьтә 3 787- ҩык Аҧсны имиз роуп, 29 694 – ақырҭқәа, 20 190 – аурысқәа, урҭ рахьтә 10 069 - ҩык атәыла анҭыҵынтәи иааз роуп, 70% - тәанчаҩцәоуп, 2 866 – абазақәа, 2 717 – аукраинцәа, 1 714 – абырзенқәа, 4 964 – егьырҭ амилаҭқәа.

Аҟәа ақалақь апрокурор Алиса Бигәаа ишазгәалҭаз ала, атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара азакәанра агәаҭара иаҿуп. Абри агәаҭарала, 671 документ хазы ишьҭаҵоуп арҭ атәылауаҩшәҟәқәа зауз атәылауаа иааҧмырҟьаӡакәа Аҧсны ишынхо ашьақәырҕәҕәаразы. Закәанла ари аҿҳәара 5 шықәса иреиҵамзароуп АА аҳәынҭқарратә хьыҧшымразы акт анрыдкылаха 12.10.99 ш. инаркны. Абасала, ҧхынҷкәын 25, 2014 шықәса инаркны иаарҧшын ақырҭуа милаҭ змоу 12-ҩык ауааҧсыра атәылауаҩшәҟәқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩразы Азакәан еилаганы ишрыҭаз, избанзар урҭ Қырҭтәылатәи Ареспублика иатәылауаауп. АА ААР АВМА ашҟа ашәҟәқәа дәықәҵан ас еиҧш иҟоу атәылауаҩшәҟәқәа рымхразы ауснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы.

“Атәыла зегьы, ажәлар зегьы ирдыруан атәылауаҩшәҟәа рыҭира ишаҿыз, иззымдыруаз Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрреи аҳәынҭқарра ахадареи ракәын. Аха атәылауаҩшәҟәқәа зҭиуаз хымҧада иеилаҳкаауеит. Насгьы шәара, ари азал аҿы итәоу, арҭ аусеиҵаҟәаҟәарақәа шәанырҿагыла ауп, зқьыла ҳҵеицәа рхы зқәырҵаз АА атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы ажәлар иртәны ианыҟало”, - иҳәеит Аслан Кобахиа.