НОВОСТИ

имҩаҧысит «Агәабзиарахьчаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект аус адуларазы иеиҿкааз аусуратә гәыҧ аилатәара.
05.02.2015
Поделиться в соцсетях:

имҩаҧысит «Агәабзиарахьчаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект аус адуларазы иеиҿкааз аусуратә гәыҧ аилатәара.

,p>Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит «Агәабзиарахьчаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект аус адуларазы иеиҿкааз аусуратә гәыҧ аилатәара.

Аилатәара мҩаҧигеит аусуратә гәыҧ ахантәаҩы, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аилак ахантәаҩы Аполлон Гәыргәлиа.

Аусуратә гәыҧ аусура нанагӡоит 2014 шықәса ҧхынҷкәын 29 рзы ирыдыркылаз «Агәабзиарахьчаразы», «Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа амедицинатә ҧгаҧса рзуразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа рыпроектқәа аус рыдуларазы Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара инақәыршәаны. «Агәабзиарахьчаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект аус адулара мҩаҧысуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара асистема ҧхьаҟа аҿиара алыршара хықәкыс иҟаҵаны.

Аилатәараҿы ирыхцәажәан Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрра иаднагалаз иарбоу азакәанапроект ахь арҽеирақәа.

Аилатәара иалахәын адепутатцәа: Леонид Чамагәуа, Беслан Ҵнариа, Ахра Бжьаниа, Алмас Џьапуа, Ахра Кәакәасқьыр, Ихымҧадатәу амедицинатә ҧгаҧса фонд ахантәаҩы Валентина Ажьиба, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрра азакәанҧҵара аҟәша аиҳабы Алхас Хәупориа, Аҧсны Жәлар Реизара азинтәи аналитикатәи ҟәша ареферент еиҳабы Алиса Арӡынҧҳа.