НОВОСТИ

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба агазеҭ «Аҧсны»аредакциа аколлектив дрыдныҳәалеит
27.03.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба агазеҭ «Аҧсны»аредакциа аколлектив дрыдныҳәалеит

<p>Агазеҭ «Аҧсны»  Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба адепутатцәа зегьы рыхьӡала агазеҭ «Аҧсны» аредакциа аколлектив ирыдиныҳәалеит 96 шықәсахыҵра.    
,p>Агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада ихьӡала идәықәҵоу адныҳәалараҿы иҳәоуп агазеҭ аҧсуа журналистикаҿы ашьақәгылараҿи аҿиараҿи аҧсуа жәлар рмилаҭтә хдырра ашьақәырҕәҕәареи инанагӡаз ароль дуи ртәы.
  
<p>Валери Бганба иара убас иазгәеиҭеит жәабран 27 акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны ишыҟоу Аҧсны ажурналистцәа рзеиҧш Аҧсны жәлар зегьы рызгьы. Адныҳәалараҿы иҳәоуп ари амш Аҧсны Аҳәынҭқарра амассатә информациатә хархәагақәа ирымшны аҧхьаӡара ишаҧсоу.
<p>Жәлар Реизара Аиҳабы агазеҭ «Апсны» аредакциа аколлектив ирзеиҕьеишьеит аманшәалареи рнапы злаку аус аҿы аихьӡарақәеи.