Валери Бганба иара убас иазгәеиҭеит жәабран 27 акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны ишыҟоу Аҧсны ажурналистцәа рзеиҧш Аҧсны жәлар зегьы рызгьы. Адныҳәалараҿы иҳәоуп ари амш Аҧсны Аҳәынҭқарра амассатә информациатә хархәагақәа ирымшны аҧхьаӡара ишаҧсоу.
Жәлар Реизара Аиҳабы агазеҭ «Апсны» аредакциа аколлектив ирзеиҕьеишьеит аманшәалареи рнапы злаку аус аҿы аихьӡарақәеи.