НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит
07.05.2015
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит

Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа ирыдиныҳәалеит Аиааира амш.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Лаҵарамза 9 – жәларызегьы ирныҳәоуп, дарбанзаалак агәырҕьарагьы алахәеиқәрагьы еилаӡҩаны, ҩныҵҟала цәанырра шәкы ҳазцәырызго ныҳәоуп.

Ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿы Аҧсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз зегьы, иахьанӡа изымааиз уи аветеранцәа, аџьшьара раҳҭоит хьӡи-ҧшеи змоу урҭ рфырхаҵаразы, рычҳаразы, аҵыхәтәанынӡа зуалҧшьа анагӡара зылшаз зегьы.

Акыр иаҳзаҧсоу аветеранцәа! Ҳара ҳгәы шәыладууп, насгьы акыр иаҳзаҧсоуп имариамыз аҧсҭазааратә мҩа шәанысны шәшаауагьы, иахьагьы еицакрада шәахьҳавагылоу азы. Шәҿаҧхьа ҳхырхәоит ҿыц игыло абиҧара ирымажәдо агәымшәареи, ахамеигӡареи, хәызмам шәҧышәеи рзы ». ,p>Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аманшәалара!».