НОВОСТИ

Жәлар Реизара Аилакқәа Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа ирыхәаҧшит.
30.04.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәлар Реизара Аилакқәа Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа ирыхәаҧшит.

Жәлар Реизара Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәии аимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзи Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзи Аилакқәа иеицымҩаҧыргеит инарҭбаау аилатәара. Аилатәараҿы ирылацәжәеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа. Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара агәабзиарахьчареи, аҵараиуреи, анаукеи, акультуреи, аспорти, атәылауаа рсоциалтә маҵзуреи рыҟәшақәа рыҟны аусзуҩцәа ркатегориа хадақәа Урыстәылатәи Афедерациа аҧаратә зоужьрақәа рыла руалафахәы аизырҳаразы финансла реицеиқәыршәара аҧҟаразы Аиқәшаҳаҭреи Аҧсны аҳәынҭқарраҿы иааиҧмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааа тәанчахәла реиқәыршәаразы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭреи ирыҵаҩын мшаҧымза 14, 2015 шықәса рзы. ,p>Арҭ аиқәшаҳаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аҧҟарақәа инарықәыршәаны. Аилатәара мҩаҧигеит Жәлар Реизара Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәии аимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы Иури Зыхәба. Уи иалахәын Жәлар Реизара Аилак Аиҳабы Валери Бганба, Апарламент адепутатцәа, иара убас аилатәарахь иааҧхьаз Аҧсны Ахада Дмитри Шамба, Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа, Аџьеи асоциалтә аиқәыршәреи рзы аминистр Сурен Керселиани аминистр ицхырааҩ Владимир Лакербаиа.

Анагӡаратә мчхара ахаҭарнакцәа адепутатцәа иқәдыргылаз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҟарҵеит. Еиҳарак зҿлымҳара рыҭан урыстәылатәи атәылауаҩра змам Аҧсны атәылауаа тәанчахәла реиқәыршәара азҵаара иадҳәалаз апроблемақәа.

Азакәанапроектқәа рыхцәажәараан адепутатцәа имҩаҧгоу аусуразгьы зегьы иҭабуп ҳәа раҳәаны, иазгәарҭеит, урҭ уаанӡа иҟарҵахьаз ажәалагалақәеи арҽеирақәеи шырныҧшыз. Аилакқәа рлахәылаҩцәа аӡбамҭа шьҭырхит ааигәа имҩаҧысраны иҟоу аилатәараҿы Апарламент иаднадкыларац азы ажәалагала ҟаҵазарц «Аҧсны аҳәынҭқарраҿы иааиҧмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааа тәанчахәла реиқәыршәаразы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра ашьақәырҕәҕәаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәани «Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара агәабзиарахьчареи, аҵараиуреи, анаукеи, акультуреи, аспорти, атәылауаа рсоциалтә маҵзуреи рыҟәшақәа рыҟны аусзуҩцәа ркатегориа хадақәа Урыстәылатәи Афедерациа аҧаратә зоужьрақәа рыла руалафахәы аизырҳаразы финансла реицеиқәыршәара аҧҟаразы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырҕәҕәаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәани. .