Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аконституциатә реформазы акомиссиа аусуратә гәыҧ аилатәара. ,p> Аилатәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩы Дмитри Шамба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩы Асҭамыр Аппба, Аиустициа аминистр Марина Ҧлиа, азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Валери Агрба, азиндырҩы Есма Корсаиа.
Ирылацәажәан анагӡаратә мчхареи азакәанҧҵаратә мчхареи рыбжьара азинмчқәа реихшара, алхратә система аҧсахрақәа ралагалареи аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа реиҭашьақәыргылара азҵаарақәа.
Рауль Ҳаџьымба аилатәара иалахәыз рыхшыҩ азишьҭит аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мшаҧымза 2016 шықәсахьы ишиагаз, убри аҟнытә аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рсистема аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусура шхыркәшатәу алхратә кампаниа иалагаанӡа. Уи иазгәеиҭеит аҧхьатәи аамҭахҵәахаҿы гәцаракра шрыҭатәу алхратә системеи аҭыҧантәи ахаланапхгаратә системеи ирызку аконституциатә рҽеирақәа, уи анаҩс напы арктәуп ҳәа анагӡаратә мчхареи азакәанҧҵаратә мчхареи рыбжьара азинмчқәа реихшара иазку Аконституциа 3, 4 ахқәа рыҧсахра аус адулара.
Аконституциатә реформазы Акомиссия аҧҵан ажьырныҳәа 22, 2015 шықәсазы Ахада Иусҧҟала аҳәынҭқарратә мчхареи аҭыҧантәи ахаланапхгаратә еиҿкаарақәа реиҭашьақәыргылара иазкыз Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь арҽеирақәа разырхиара хықәкыс иҟаҵаны.