НОВОСТИ

Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа Сҭамҧыл ацқьа ааӡабхгаҩ Гаргь Аиааиразцу ихьӡ зху аныхаҟны аҧшьмаҵзура далахәын
03.06.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа Сҭамҧыл ацқьа ааӡабхгаҩ Гаргь Аиааиразцу ихьӡ зху аныхаҟны аҧшьмаҵзура далахәын

Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Сҭамҧыл лаҵарамза 27 инаркны 31-нӡа имҩаҧысуаз каратэ-до азы Адунеи ачемпионат иалахәыз аҧснытәи аспортсменцәа дрыцны дыҟан. Лаҵарамза 31, Ицқьоу Хҩыраӡә аныҳәа ду аҽны, аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа Аныха амшира ҳәа ирыҧхьаӡо Ҩынҩажәижәабамш азы Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа Сҭамҧыл ацқьа ааӡабхгаҩ Гаргь Аиааиразцу ихьӡ зху аныхаҟны аҧшьамаҵзура далахәын Апатриарх итәарҭаҟны Фанар.

Анцәамаҵзура напхгара аиҭон Иҧшьаҳаракыра Варфоломеи, Константинопол – Рима Ҿыц Архиепископ, Адунеизегьтәи Апатриарх. Анцәамаҵзура иалахәыз Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа Апатриарх Варфоломеи аҧсшәа иаҳәаны, Ицқьоу Ҩынҩажәижәабамшы аныҳәа идиныҳәалеит Ихьыҧшым Аҧсуа Ныха хьӡи-ҧшеи змоу аҭоурых атәы зҳәо агәалашәаратә ҳамҭақәа иҭаны. Иара Иҧшьаҳаракыра адепутат аҳамҭақәа рзы иҭабуп ҳәа иаҳәаны, Аҧсны жәлар лыҧха рыҭо дрықәныҳәеит.