НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы  Валери Бганба Урыстәыла Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа дәықәиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгара ашҟа.
11.06.2015
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Урыстәыла Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа дәықәиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгара ашҟа.

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба дрыдныҳәалеит Жәлар Реизара Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи урҭ рколлегацәеи.

Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Сергеи Нарышкини рыхьӡала иҟаҵаз адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:

«Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа адкылара ҟалеижьҭеи 25 шықәса раахыс аҭоурых ҿыц аҟны атәыла акрызҵазкуа аихьӡарақәа аиуит адемократиеи, аекономикеи, асоциалтәи, акультуратә ҟәшақәа рыҟны.Урыстәыла иамоу аихьӡарақәа акырӡа адунеитә процессқәа рҳәаақәҵара рылшоит иахьа».

Жәлар Реизара Аиҳабы иаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны ахә ҳаракны ишыршьо Урыстәылатәи Афедерациа аҩызареи аусацуреи, иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа жәларбжьаратәи аҭышәынтәаларазы шьаҭанкылатәи аинтересқәа рыхьчара иазкны имҩаҧнаго аусқәа ишрыдгыло.

«Агәра ганы ҳаҟоуп иааидкыланы аҧсуа-аурыс усеицура зегьы аҧхьаҟагьы ацҵара ҳажәларқәа ргәызыҳәара хадақәа ишрықәшәо, ашәарҭадареи азеиҧш ҭынчреи ишрыцхраауа», – иҳәоуп адныҳәалараҿы. Валери Бганба Валентин Матвиенкои Сергеи Нарышкини ирзеиҕьеишьеит рнапы злаку аусқәа рыҟны аихьӡара ҿыцқәа, урыстәылатәи ажәлар зегьы анасыҧ, аизҳазыҕьара.