Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Жәлар Реизара ахьӡала аҳәынҭқарратә ныҳәа - Урыстәыла Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа дәықәиҵеитАҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев ишҟа.
Валери Бганба иҟаиҵаз адныҳәалараҟны, лымкаала, иазгәеиҭеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәара аколлектив Аҧсни Урыстәылеи реиҩызареи русеицуреи арҕәҕәареи арҿиареи рганахьала рлагаламҭа, ирзеиҕьеишьеит рнапы злаку аус аҟны аихьӡарақәа.