НОВОСТИ

Жәлар Реизара Аиҳабы Науру Ареспублика Апарламент Аиҳабы Имшира идиныҳәалеит
19.06.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәлар Реизара Аиҳабы Науру Ареспублика Апарламент Аиҳабы Имшира идиныҳәалеит

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба адепутатцәа рыхьӡала Науру Ареспублика Апарламент Аиҳабы Лиудвиг Скотти Имшира идиныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны аусура ашықәсқәа ирылагӡаны шәара ишәырҳаит Науру Ареспублика атәылауаа рыҩныҵҟеиҧш атәыланҭыҵгьы аҳаҭырқәҵареи ахьӡи. Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ахә ҳаракны иршьоит ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы шәара шәлагаламҭа».

Валери Бганба иколлега ихы наиқәкны иҳәеит, агәра шиго Аҧсни Науруи рыжәларқәа реизҳазыҕьара иазку аҳәынҭқаррабжьаратә диалоги лыҵшәа бзиала аусеицуреи еиҧҟьара шамоуа азы.

Валери Бганба Лиудвиг Скотти изеиҕьеишьеит агәабзиара, анасыҧ, аманшәалара, аихьӡара ҿыцқәа аҳәынҭқарратә усураҿы.

Лиудвиг Дерангадаге Скотти – ҧхынҷәкәын 15, 2009 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыҧшымреи азхазҵаз Науру Ареспублика иналукааша политикатә усзуҩуп.

Лиудвиг Д. Скотти диит рашәарамза 20, 1948 шықәсазы.

Раҧхьаӡакәны Науру Ареспублика Апарламент ахь далхын 1983 шықәсазы, ҩынтә Науру Ареспублика Ахада имаҵура ааникылахьеит, Агәабзиарахьчара, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра напхгара аиҭахьеит,ҳазҭагылоу аамҭазы ҩынтәны Апарламент Аиҳабы имаҵура дахагылоуп.

2013 шықәсазы аиҳабыра анапхгаҩы имаҵура анаҧҵаха, Лиудвиг Скотти Науру Ареспублика аҧыза-аминистр актәи ихаҭыҧуаҩыс далхын, усҟан Апарламент Аиҳабыс дшыҟаз даанхеит.

Лиудвиг Скотти ҩынтә Аҧсны даҭаахьеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхраан Науру Ареспубликаҟнытә жәларбжьаратәи анаҧшҩы иаҳасабала - 2011, 2014 шш..