НОВОСТИ

Жәлар Реизара адепутатцәеи аҧыза-министри реиҧылара
23.06.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәлар Реизара адепутатцәеи аҧыза-министри реиҧылара

Аҧсны Жәлар Реизараҟны адепутатцәа раҧшьгарала имҩаҧысит адепутатцәеи аҧыза-министр Артур Амқәаби реиҧылара.

Аҧыза-министри адепутатцәеи реиҧылараҟны зҵаара хаданы иқәгылан Урыстәылеи Аҧсни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аинвестициатәи асоциалтәи программақәа рынагӡара амҩаҧысшьа атәы. Абри азҵаара иазкын ааигәа Москва Аҧсны аҧыза-министри УА Ахада ицхырааҩ В. Суркови реиҿцәажәара. «Аинвестициатә программазы иузымыӡбо зҵаара ыҟаӡам, аха уаанӡа ахарџьынҵатә документациа ҳара иеиқәҳаршәозҭгьы, уажәы ари апроцесс иадхалеит, избанзар ахарџьынҵақәа зегьы Шәача агәаҭарақәа ирхысуеит», - иҳәеит аҧыза-министр. Уи иазгәеиҭеит, инҭырҳәыцааны агәаҭарақәа зыхҟьо иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаз аилагарақәа шракәу.

Убри инадкыланы аиҳабыра рнапхгаҩы адепутатцәа ирылеиҳәеит Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрреи арратә усбарҭеи ирызку аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭра аҵаҩра ҳахьазхиам иахҟьаны асоциалтә программа анагӡарагьы ишагхаз. Лымкаала, иқәгылоуп аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ирызку аурыс-аҧсуа аинформациатә Центр аҧҵара азҵаара. Ари азҵаараҟны Жәлар Реизара адепутатцәа реиҳараҩык Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ишақәшаҳаҭым рҳәеит. Иҟан агәаанагарақәа урыстәылатәи чынуаҩцәак рганахьала аилахәаахәҭра ҟазшьа змоу азнеишьа шыҟоу ала.

Адепутат Л. Чамагәуа иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, урыстәылатәи арратә базақәа рыҟнытә Аҧсны абиуџьет акгьы шаламло, иахьа афинанстә цхыраарала иаиууа иеиҵамкәа урҭ абазақәа ирылҵны ахалашәала аиур шауа. Уи игәаанагарала, Урыстәыла аганахьала мчыла аиқәшаҳаҭра ҳадгалара, аҧсуа интересқәа еилазго азҵаарақәа рықәыргыларазы аҽазышәарақәа ыҟоуп.

Адепутат Сергеи Шамба иажәақәа рыла, ари Аиқәшаҳаҭраҟны ҳара ҳзинқәа еилазго акгьы ыҟаӡам, иҳаҩсыз ашықәсқәа зегьы амилициа аусура ҳазмырҕәҕәаӡеит, ари аус аҟны ацхыраара ҳарҭозар, “иҭабуп” ҳәатәуп. Уи иқәгылараҟны иаҵшьны иазгәеиҭеит, адепутатцәа азҵаарақәа рыӡбараҟны зегьы шәаны-изаны иазымнеир, аҭагылазаашьа 19 ашәышықәсазы еиҧш, аполитикатә кризис ахь ҳнанагар шауа.

«Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рылахәаахәҭра ҟамлароуп», – иҳәеит Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба.

Аиҧылара хыркәшо, Жәлар Реизара Аиҳабы Жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рыҽрымадарақәеи рзы Жәлар Реизара Аилак анапы ианиҵеит УА Аҧсни ирыбжьоу аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьа аҭҵаареи, аусура алҵшәақәа рыла аҭагылазаашьеи иҟоу ауадаҩрақәеи ӡбашьас ирымоуи рылацәажәара.