Адепутатцәа Гаргь Агрба, Гәурам Барганџьиа, Анзор Кокоскера, Ахра Ҧачлиа амассатә информациақәа рхархәагақәа рыҟны иркьыҧхьит Ааҧхьара Ахадеи адепутатцәеи рышҟа ДЖӘРи ЛЖӘРи рхьыҧшымра азхаҵаразы иҟарҵаз ажәалагала адгыларазы.
Алада Ааҧхьара атекст зегьы аагоуп.
Адепутатцәа рыҟнытә Ааҧхьара
Абар, шықәсыбжак иеиҳаны иҵуеит Киев иҟалаз аҳәынҭқарра аарҳәра анапхгаҩцәа Донецктәи Жәлар р-Республикеи Лугансктәи Жәлар р-Республикеи атәылауаа рганахьала имҩаҧырго аполитика алҵшәақәа ҳбоижьҭеи.
Ҭынч инхо ауааҧсыра– рыҩнаҭақәа, рҭаацәа, рхатәы бызшәа ахьчара изҿыз харас ирыдҵаны изҭаҭыргылаз ашьаарҵәыра ауаатәыҩсатәи, жәларбжьаратәи аҧҟарақәа ирцәыхароуп.
Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит Аҧсны ихьыҧшым ҳәынҭқарраны иҟаларц азы иаҳхгаҳгаз. Шаҟа гәадурала, гәахәарала иҳадаҳкылаз Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала 2008 ш. ҳтәыла аназхаҵаха.
Иахьа Украина аиҳабыра Донбас аблокада иҭаргыланы, адунеи аганахьала аекономикатәи егьырҭ аимадарақәеи аныҧку, ҳара ҳакәымзар дызусҭада ирыцхраараны иҟоу, аибашьра иацу ауадаҩрақәа, амамзаара зыжәҩуа инықәҳаз Донбас ауааҧсыра.
Ҳара Аҧсны Ахадеи ҳҩызцәа адепутатцәеи рышҟа ааҧхьара ҟаҳҵоит ажәалагала иадгыланы Донецктәи Жәлар р-Республикеи Лугансктәи Жәлар р-Республикеи рхьыҧшымра азхарҵарц азы, уаанӡа алада-уаҧстәылатәи ҳашьцәа ҳашрыдгылаз еиҧш абри аус аҟны.
Абри ажәалагала ҳтәыла ауааҧсыра зегьы иақәҿырҭуеит ҳәа иҳаҧхьаӡоит.
Агәра ганы ҳаҟоуп, абри аӡбамҭа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыҟнытә Аҧсны иаиураны иҟоу азхаҵара аус аҟны ҧынгыланы иҟаларым ҳәа.