Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаҧигеит Аилак ахантәаҩы Гьаргь Агрба.
инақәыршәаны иахәаҧшын мшаҧымза 29 рзы актәи аҧхьараан ирыдыркылаз  “Иҷыдоу аекономикатә ҭыҧқәа рзы” Аҧсны азакәан апроект. 
Абри азҵаара ахәаҧшра иалахәын адепутатцәа: Беслан Ҵнариа, Саид Ҳаразиа, Сергеи Шамба, Анзор Кокосқьериа.
Иара убас азакәанапроектқәа рыхцәажәара иалахәын: Аҧсны ауаажәларратә палата алахәылаҩцәа Нателла Акаба, Заур Шьалашьаа, Алеқсандр Страничкин, Аҧсны Агәаҭаратә палата ахаҭарнакцәа. Адепутатцәа иааҧхьаз ргәаанагарақәа ирзыӡырҩит, хәҭаҷцыҧхьаӡа ирыдгалаз арҽеирақәа иеицалацәажәеит. Аилак аилатәара аихшьалақәа рыла иӡбан ари азакәанапроект аус адулара иацҵахарц.