НОВОСТИ

Жәлар Реизара  Зураб Агәмаа далнахит Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара .аӡбаҩы имаҵурахьы
20.07.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәлар Реизара Зураб Агәмаа далнахит Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара .аӡбаҩы имаҵурахьы

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 69 ахәҭаҷ инақәыршәаны Ахада Рауль ҳаџьымба Жәлар Реизара ахәаҧшырц азы ажәалагала ҟаиҵеит Агәмаа З. М. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара Ахантәаҩы имаҵурахьы иалхразы.

Абри инамаданы, ҧхынгәы 20 рзы Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Апарламент Аиҳабы Валери Бганба напхгара ззиуаз асессиа аилатәара.
Жәлар Реизара Аҧҟара инақәыршәаны, маӡала абжьыҭара аихшьалақәа рыла Зураб Агәмаа Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара .аӡбаҩы имаҵурахьы далхын. Абжьыҭара алҵшәақәа шьақәырҕәҕәан Апарламенттә Қәҵарала.